Ҳаҭыр зқәу Аслан Гьаргь-иԥа! Ишәыдышәкыл Шәиубилеи ахьӡала ҳаҭыр дула ишәанасшьо адныҳәалара! Шәара ҳауаажәлар рҽы ҩашьара зқәым политикуп, шәԥышәеи ааԥсара зқәым шәыҳаҵҳаҵарақәеи иалдыршоит уамакала зҭақԥхықәра ҳараку иагьыуадаҩу азҵаатәқәа рыӡбара. Агәра ганы сыҟоуп, Шәарҭ шәызхагылоу амаҵураҭыԥ ҳарак аҟны аринахысгьы шәымчи шәылшареи ирыбзоураны ҳҳәынҭқарра аҿиара амҽхак иҵегь ишыҭбаахо, ҳажәлар рыԥсҭазаара иҵегь ишеиӷьхо. Азакәан ақәныҟәараҿы еснагь иаашәарԥшуа алеишәа, ҷыдала ҳусурахь иҟашәҵо ахылаԥшреи адгылареи –…